Раԥхьатәи апациентцәа: урыстәылатәи агоспиталь COVID-19 злоу ачымазцәа Аҟәа ишаднакылаз

Анапаҵаҩра
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аҟәа, асасааирҭа "Аиҭар" аҟны жьҭаара 19 рзы идыргылеит. Жьҭаара 20 рзы иара COVID-19 змоу раԥхьатәи апациентцәа аднакылеит.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз арратә госпиталь иахьа, жьҭаара 20 раԥхьатәи апациентцәа аднакылеит. Арахь иааргоит Аҟәантәи адагьы, егьырҭ араионқәа рҟынтәи ачымазцәагьы. Ачымазцәа рыдкылашьа бзианы еиҿкаауп. Раԥхьа адкыларҭаҿы рҭагылазаашьа иахәаԥшуеит, ршьа аҵәыҵәри ахьынӡалоу гәарҭоит, досу рмедицинатә шәҟәқәа рзеиқәдыршәоит. Шәахәаԥш урыстәылатәи агоспиталь аусушьа зеиԥшроу Sputnik авидео аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0