Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Ҟарабахҟа амҩа иқәлеит

Анапаҵаҩра
Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан еиқәшаҳаҭхеит Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы. Аганқәа рыбжьаратәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ахымца аанкылахоит абҵара 10 инаркны.

Лачатәи акоридор иахьаԥнуи Ашьха Ҟарабах аинырратә цәаҳәаҿи иргылахоит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рконтингент 1960-ҩык абџьар зку аруаа рыла ишьақәгыло, 90 кәылӡтәы транспортер, 380 ак автомобилтәи атехника ҷыдеи.

Аҭынчреиҿкааҩцәа дыргылоит Ермантәыла ар шалыргалак. Дара уа рыҟазаара хә-шықәса ҿҳәараны иаҭоуп, аганқәа руак ари аиқәшаҳаҭра мап ацәнакаанӡа иааиуа егьырҭ ахәышықәсақәагьы рыҿҳәара иацҵахо.

Аиқәшаҳаҭра анагӡара ахылаԥшразы иаартхоит аҭынчреиҿкааратә центр.

Ажәабжьқәа зегьы
0