Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иаанацҳауеит, аҳақьымцәа ргәыԥ Хабаровкснтәи Ермантәылаҟа ишнеиз аҳаирплан Ил-76 ала. Уи ашьҭахь дара арратә техника иацны Степанакертҟа амҩа иқәлеит. Аколонна хылаԥшра арҭон урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәеи арратә полициеи.
Иара убас, ауаажәларратә транспорт аусура ашьақәыргыларазы Степанакерт ацыхараара ҟарҵеит урыстәылатәи аруаа.
Уи аԥхьа Еревантәи аҳаиртә баӷәазақәа рахь инаган шәҩык инареиҳаны урытсәылатәи аруааи жәаха ак арратә техника ҷыдеи, амина ыҵызхуа аробототехникатә комплексқәеи, акәылӡы транспортиорқәеи акәылӡы машьынақәеи налаҵаны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа рнаҩс Аԥсны ирацәаҩхеит аҿкычымазара зыдбало рхыԥхьаӡара. Аԥсны иахьаҵанакуа, иахьазы активла COVID-19 аҟнытә аҽыхәышәтәра иаҿуп 2000-ҩык рҟынӡа, абри атәы лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿы, ажьырныҳәа 11 рзы.
Атәыла ахада аԥкрақәа алаигалеит жәабран 10-нӡа, хәҭакала русура аанкылоуп аџьармыкьақәа, акрыфарҭақәа, ақьафурҭақәа.
Ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны рыҟазаараан, ауаажәларратә транспорти атаксии рҿы ахыхьчаратә хархәагақәа ахархәара.
Ашьха Ҟарабах аминаҵхратә процесс шымҩаԥсыц имҩаԥысуеит. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аминаҿагыларатә жәларбжьаратә центр аҟазауаа Степанакер иахьаҵанакуа аминақәа рыҵхраан рхы иадырхәоит ҳаамҭазтәи аробототехникатә комплексқәа "Уран-6".
2020 шықәса абҵара 23 раахыс урыстәылатәи аҟазауаа идрыцқьахьеит 479,2 гектар адгьылҵакыра, 182,8 километра амҩақәа, 710 нхарҭаҭыԥ, еиҵыхуп 23 000 рҭҟәацга маҭәар.
Ишәарҭоу амаҭәарқәеи иԥымжәаз артҟәацгақәеи аполигон ҷыдахь инаганы иԥыржәоит.
Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарыцәгьеит цәыббра 27 рзы. Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла рхадацәа Владимир Путин, Ильхам Алиев, Никол Пашиниан абҵара 10 рзы рнапы аҵарҩит Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы аицҳәамҭа. Уи инақәыршәаны Ермантәылеи Азербаиџьани иааныркылаз аҭыԥқәа рҿы иаангылоит, Бақәа анапаҵаҟахь ииасуеит Кельбаџьартәи, Лачатәи, Агдамтәи араионқәа, атҟәацәа еимырдоит.
Ҟарабахи Ермантәылеи еимаздо Лачатәи акоридор аҿы аурыс ҭынчреиҿкааҩцәа гылоуп.
Ҟарабах аконфликт ахы акит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха-Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР ишалҵуа азы аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь. 1992-1994 шықәсқәа рызтәи аиҿагылара ашьҭахь Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах анапы иҵыҵит иаԥныз араионқәа быжьба налаҵаны. 1992 шықәса раахыс ОБСЕ Минсктәи агәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны аимак ҭынчрыла аилыргаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. Азербаиџьан аҵакыратә акзаара атәы иалацәажәоит, Ермантәыла – иазхаҵам ареспублика аинтересқәа ахьчоит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik. Акоронавирус зцәа иалаз, ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра змаз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы, ажьырныҳәа 14 рзы.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 102-а, урҭ рахьтә 90-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 40-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 26-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 26-ҩык, амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 57-ҩык апациентцәа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10486-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8190-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 152-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>