"Ихьшәашәоу аԥшӡара": Аҟәа илеиз асы ауааԥсыра ишрыдыркылаз

Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа асоура иалагеит ажьырныҳәа 18 ауха. Ари акаршәратә ҭыԥқәа рзы раԥхьатәи соуроуп.

Аԥсны ашьхараҿы асы шлеиц илеиуеит. Аԥсны аҳауагәаҭаратә ҟәша аспециалистцәа ирҳәахьан, амшын аҿықәаҿ ақәабаа-сабаа леир ҟалоит, иара убас аԥшаҳәахьы асы ҳәа.

Амшын аҿықә аҟынтәи 5-10 километр инахыганы, амшын аҩаӡараҟынтәи 200 метра аҳаракыраҿы аҳауаԥхарра -2°С инаркны -5°С рҟынӡа илеир ҟалоит. 200 инаркны 500 метра рҟынӡа аҳаракыраҿы аҳауаԥхарра лаҟәуеит -6 инаркны -8°С рҟынӡа. Уи -8°С инаркны -10°С рҟынӡа илеиргьы ҟалоит. Ашьхараҿы -10°С инаркны -15°С рҟынӡа иазыԥшуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0