Адгьылҳәазара даҽа ҩ-ҩнык аԥхасҭа рынаҭар алшоит. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Бедиа ду даҭааит. Лара "Аҟәарахьчара" иадылҵеит аамҭалатәи асхемала аимадараз ажәадгалақәа азырхиазарц. Тҟәарчал адгьылҳәазара урыстәылатәи аҟазауаа адрыԥхьалар ҟалоит. Иҳәазаз амҩа еиднакылоит Тҟәарчал ақалақьи ақыҭақәа Бедиа ду, Агу-Бедиа, Бедиа.
Тҟәарчал ақалақьи араион ақыҭақәеи еимаздо амҩа аремонт азуны еиҭашьақәыргылан Аԥсны асаоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла. Иақәхарџьын 60 миллион мааҭ. Аусурақәа мҩаԥысуан 2017 - 2020 шықәсқәа рзы.
Акурорт Гагра ашьаҭаркҩы, апринц Ольденбургтәи ипарки гагратәи аколоннадеи реиҭашьақәыргылара иалагеит ԥшьышықәса раԥхьа асоциал-економикатә ҿиара апрограммала. Аусурақәа рынагӡаразы иазоушьҭын 118 миллион мааҭ аԥара.
Иазԥхьагәаҭан апарк ӡылеи фымцалашаралеи аиқәыршәара. Ҳаамҭа иақәшәо аинфраструктура аиҿкаара адагьы иазыԥхьагәаҭоуп аҵиаақәа рацәаны реиҭаҳара, аӡҭарчқәа аԥсыӡ рҭаҵара.
Жьҭаарамза 2020 шыкәса инаркны урыстәылатәи аҳақьымцәа рҿы ахәышәтәра иахысхьеит 500-ҩык ареспублика ауааԥсыра. Иахьазы агоспиталь иҭоуп 15-ҩык. Иарбоу аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, имҩаԥган алабораториаҿ 5195 ПЦР тест.
Амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь адәынтәи медицинатә еиҿкаароуп, акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәра иазырхоуп. Араҟа ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализ ҟаҵагақәа.
Агоспиталь 100 иара-ҭыԥк амоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Аԥсны абиуџьет азы еиҳагьы ихәарҭахоит ашықәс зегьы иалагӡаны апутиовкақәа рҭилар ҳәа иҳәеит атуризм азы Урыстәыла Ауаажәларратә хеилак асанатор-курорттә ҿиаразы акомиссиа ахантәаҩы Дмитри Богданов ҳәа аанацҳауеит апортал Country Scanner.
Иара иазгәеиҭеит иааиуа ҩымз рзы шәачатәи апансионатқәеи асанаториқәеи реиҳарак рахь иҭиу аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара 80% инаӡоит ҳәа. Иҟоуп жьҭаарамзазтәи аҭирақәагьы аанызкылахьоу.
Богданов игәаанагарала, Аԥсны иалшон Шәача иҟоу апансионатқәа разымхара ахарҭәаара.
"Аԥхын мацара акәымкәа ашықәс зегьы иалагӡаны апутиовкақәа ҭилатәуп. Аԥсны абиуџьет уи азеиӷьымхозар иазеицәахом", - ҳәа иҳәеит Богданов.
Ареспублика аԥхьанатә 500 000-ҩык рҟынӡа аныҟәаҩцәа аднакылар, краснодартәи асанаториқәа акыр рхы иақәиҭхон.
Убри аан иара игәаанагарала ахәԥсақәа рыцҵара аҭахым, амаҵзура аиӷьтәреи аматериалтәии атехникатәии база рырҭбаареи роуп иаҭаху.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәылатәи аҵараиурҭа азыхиоуп атуризм аганахьала аԥснытәи абитуриентцәа рыдкылара
Делба Ростуризм аделегациеи иареи атуристтә усхкы арҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит
Урыстәылаа еиҳа иргәаԥханы иалырхуа аҳәаанырцәтәылақәа Аԥсны рыҵаркит