Амузыка ззы иагьусураз, иагьыԥсыршьагаз: Кәасҭа Ченгьелиа иҭынхаз ажәа

Анапаҵаҩра
Иахьа, хәажәкыра 27 рзы иԥсы ҭазҭгьы 90 шықәса ихыҵуазаарын акомпозитор, Аԥсны Жәлар рартист, Ахьӡ-аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу, Д. Гәлиа ипремиа алауреат, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Кәасҭа Антон-иԥа Ченгьелиа.

Шәахәаԥшырц ишәыдаагалоит акомпозитор 85 шықәса анихыҵуаз аҽны иҭыхыз Sputnik Аԥсны архив аҿы еиқәханы иҟоу авидеонҵамҭа.

"Амузыка иануҵартә еиԥш иҟоу жәеинраалак ансԥыхьашәалак, аусура напы анасырклак, сара сзы еиҳау ԥсшьара ыҟаӡам. Схәыҷаахыс сдақәа ргыланы ашәаҳәара саҿын, ашәаҳәара ушьҭнаԥаауеит, иагьусуроуп, иагьыԥсыршьагоуп сара сзы", — абас иҳәеит Кәасҭа Ченгьелиа, 85 шықәса ихыҵра амш аҽны Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

Акыр шықәса инеиԥанкыланы арҿиара знапы алакыз Кәасҭа Ченгьелиа иаԥиҵахьаз ашәақәа аԥсуа азыӡырҩцәа бзиа еицырбо иҟалеит.

"Ашәҟәыҩҩцәа зегь реиҳа исзааигәоу Теренти Ҷаниа иоуп, аҩызараҿи арҿиараҿи уи ицназго аӡәгьы дыҟам, иаргьы саргьы 50-шәа ҳаҩхьеит. Аибашьра мацара иазку 60 шәа сравторуп, егьыс ҩышә ашәа аԥысҵахьеит, адискқәа акымкәа-ҩбамкәа иҭыҵхьеит. Ажәакала, иҟасҵарц, иаԥысҵарц исҭаху адунеи аазна ыҟоуп, уи сыԥсы ахьынӡаҭоу саҿызаауеит", — ҳәа иҳәеит усҟан акомпозитор.

Ҳлитература аизҳазыӷьараҿы злагала дууз: иԥсҭазаара далҵит Терент Ҷаниа 

Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор, адирижиор, арҵаҩы, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиеи "Аибашьреи ашықәсынҵыреи" апремиеи рлауреат, "Ахьӡ-аԥша" ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Кәасҭа Ченгьелиа иԥсы ҭазҭгьы иахьа, хәажәкырамза 27 рзы ихыҵуазаарын 90 шықәса.

Иара иԥсҭазаара далҵит 89 шықәса дшырҭагылаз.

Кəасҭа Ченгьелиа аибашьра анцоз аамҭазы еиҿикааит ансамбль "Аиааира". Шəкы инареиҳаны аконцертқəа аибашьра ацəаҳəаҿи ахəышəтəырҭақəеи рҿы имҩаԥигахьан, ашəақəа маҷымкəа иҩхьан. Аиааира иасимволны иҟалеит Лиолиа Тəанԥҳа лажəақəа рыла Ченгьелиа ииҩыз ашəа "Аиааира".

Кəасҭа Ченгьелиа Очамчыратәи ансамбль "Ерцахə" еиҿикааит, Гəдоуҭа ансамбль "Риҵа" еиҿикааит, абыргцəа рансамбль "Нарҭаа" иманы Венгриа дцахьан, усҟан урҭ "Ахьтəы таташь" захьӡу аԥхьахәгьы иаиааит, ансамбль "Гəында" аус адиулон. Дравторуп хкы рацәала ашәақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0