"Ԥсырӡха": аӡы иахакнаҳау амчандыр

Анапаҵаҩра
Афонҿыцтәи адәыӷбаанҿасырҭа "Ԥсырӡха" ргылан 1944 шықәсазы, иахьа уи аҭыԥантәи ауааԥсыреи аԥсшьаҩцәеи бзиа еицырбо ҭыԥуп.

Адәыӷбаанҿасырҭа "Дача" ҳәа ахьӡҵан иргылан 1944 шықәсазы аӡиас Ԥсырӡха еиҿкааз Афонҿыцтәи ГЕС аӡеизакырҭа ахықәан. Анаҩс 1951 шықәсазы ахьӡ рыԥсахуеит "Агараки" ҳәа. 1967 шықәсазоуп изӡхгылаз аӡиас ахьӡ Ԥсырӡха анаиуз.

Сталин иаамҭаз иҟаҵаз атоннельқәа азҿлымҳара рыумҭар ауӡом.  Ԥсырӡхатәи атоннельқәа ракәзар, аҵыхәтәантәи ргыларақәоуп Аахыҵ Кавказ аихамҩа аҟаҵараҿы.

Афонҿыцтәи атоннельқәа ҟаҵаны иалгеит 1949 шықәсазы,  Аҟәа – Адлер адәыӷбақәа рыбжьалеит 1954 шықәсазы. 1993 шықәса инаркны 2002 шықәсанӡа адәыӷбаанҿасырҭаҿы иааҭгылон афымцадәыӷба Аҟәа – Ԥсоу, 2006 инаркны 2008 шықәсанӡа уи амҩа ркьаҿын Гәдоуҭанӡа.

2009 шықәсазы Ԥсырӡхатәи аанҿасырҭаҿы иааҭгылон аелектричка. Уажәы уахыки-ҽнаки рахьынтә знык адәыӷба Москва-Аҟәа ииасуеит, аха ара иааҭгылаӡом.

Ажәабжьқәа зегьы
0