Аџьабаа зцу, аха згьама даҽакы еиԥшым: аҳаҟьаҿы иҟаҵоу аԥсуа џьыка амаӡақәа

Анапаҵаҩра
Ажәытәан аџьыка аҳаҟьа иқәҵаны ирххуан, аҳаҟьеи аԥхныгеи аԥсуа ибзазара иузаҟәымҭхуаз маҭәарқәан. Ҳаамҭазы аҳаҟьа зкуа шамахамзар иуԥымлозаргьы, иҟоуп шьҭрала еиқәырханы иаазго, зны-зынла зхы иазырхәогьы.
Убас, Лыхны ақыҭан инхо Гагәылиаа рҭаацәара аҳаҟьа рызгылоуп, дара ргәыла ԥҳәыс Наҭелла Мамацева иаҳлырбеит анкьа аџьыка шыҟарҵоз, уи иацыз акәама-ҵамақәа.
Аҳаҟьа иқәырххуаз, еиуеиԥшым амарҭхәқәа рыла идырхаауаз, зыфҩы лаҳа-лаҳауа аԥсуа џьыка агьама даҽакы иалаҩашьом. Иарбан ҭаацәараз аҳаҟьа зхы иазмырхәоз ҳанацәеи ҳандуцәеи рхаан. Аџьабаа рацәа шадырбалозгьы,уи ада царҭа рымамызт. Аԥсуа нхаҩы аџьыка ҟаҧшь еснагь пату изақәын. Акәты учаԥа, аҟәыд ҟауҵа, агьама ҷыда хаа азҭоз иаракәын. Иахьа аҳаҟьеи аԥхныгеи ажәытәра аамҭа ишазаанхазгьы, зегьы акоуп абиԥарала уи еиқәырханы иаазго аҭаацәарақәа ыҟоуп. Анкьа уи аԥсуа ибзазара иахәҭакыз акоуп ҳәа иахәаԥшуазҭгьы, уажәы уи зымбац аҿар рзыҳәан ҿыцбарахуп, ҭоурыхуп.
Лыхны ақыҭан инхо Гагәылиаа рҭаацәара шьҭрала еиқәырханы ирызгылоуп ажәытә џьыкахыга аҳаҟьа. Дара рахь имҩахыҵуа асасцәа уи рбартә еиԥш алшара рымоуп.
Аҭыхымҭақәа анымҩаԥаҳгоз агәылаԥҳәыс Наҭелла Мамацева иаҳлырбеит ажәытәан аҳаҟьа аус шадыруылоз.
"Заа имазеины иҳамоуп апырпыл ҟаԥшь рҩаны. Амарҭхәқәа: аџьыкхыш, аџыш, араҳана, акәлындыр, акама, аӡы. Уажәы аԥсҭазаара ҿыц ахь ҳаиасит, ажәытәан аџьыка ахышьа хазын, аҳаҟьа ианықәухуаз даҽа гьамк аман, еиҳа ихаан," - ҳәа лҳәоит Наҭелла.
Апырпыл зны идрыцқьон, нас аҳаҟьа иқәҵаны аԥхныгала ирхәахәон. Анаҩс амарҭхәқәа арҭон: аџыш, араҳана, ахәсхәа, аџьыкхыш уҳәа:
"Кьылак аџьыка ахра акыр уадхалон, аџьабаа убар акәын. Ҳәарада, уи имариамыз усын. Аԥсуа пырпылца унапы иҭалон, анапҭарԥақәа уажәеиԥш иҟамызт, аха мааԥсарада ахныҟәгара цәгьан", - лҳәоит Наҭелла.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0