Донбасс аргьежьразы Украина аибашьра ацҵара ргәы ишҭам иҳәеит Климкин

Донбасс аргьежьразы Украина аибашьра ацҵара ргәы ишҭам иҳәеит Климкин
Донбасс аргьежьразы Украина аибашьра ацҵара ргәы ишҭам иҳәеит Климкин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Климкин иажәақәа рыла, азҵаара аӡбаразы изызхьаԥштәу аполитикатә еиҿцәажәарақәа роуп. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, Украина аринахысгьы Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа ишрыцәхьамҵуа, избанзар аиҿцәажәарақәа рылоуп иҟоу аҭагылазаашьа аӡбара шалыршахо.

АҞӘА, абҵ 14 — Sputnik. Украина Адәныҟатәи аусқәа Рминистр Павел Климкин иҳәеит Украина мчыла Донбасс аргьежьра ишаламго.

"Ҳара ҳазлацәажәо аполитикатә хархәагақәа рыла азҵаара аӡбароуп.

"Арратә операциа амҩаԥгара мап ацәаҳкуеит, избанзар уи аҭынч уааԥсыра ирыцрамсыр ауам, урҭ зегь ҳауаажәлар роуп", — иҳәеит Климкин.

Климкин инаҵшьны иазгәеиҭеит, Украина аринахысгьы Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа ишрыцәхьамҵуа, избанзар аиҿцәажәарақәа рылоуп иҟоу аҭагылазаашьа аӡбара шалшахо, иҳәеит уи.

Украина Адәныҟатәи аусқәа Рминистр иажәақәа рыла, Украина иамоу армчқәа ашәарҭара аныҟала аибашьра иазхиоуп, иаҭаххаргьы хархәара рзухоит. Климкин иазгәеиҭеит, аҭагылазаашьа еицәахо иалагар, Украина армчқәа Урыстәыла иадгыло зхатә гәаԥхарала еибашьуа ауаа ирҿагылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0