Карасин Женеватәи аиҿцәажәарақәа реихшьаала ҟаиҵеит

© Sputnik / Александр Поляков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКарасин Женаватәи аиҿцәажәарақәа 30-тәи араунд аихшьаалақәа ҟаиҵеит
Карасин Женаватәи аиҿцәажәарақәа 30-тәи араунд аихшьаалақәа ҟаиҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин Аахыҵ Каказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызкыз Женеватәи аиҿцәажәарақәа 30 араунд аихшьаалақәа ҟаиҵеит.

АҞӘА, ԥхҷ 11 – Sputnik. Москва агәра ганы иҟоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аусеицуреи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра Европа атәылақәа жәпаки Қырҭтәылеи ирызцәырнаго агәынамӡарақәа шҵаҵӷәыдоу. Ари аҳәамҭа ҟаҵан Аахыҵ Каказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызкыз Женеватәи аиҿцәажәарақәа 30-тәи араунд алҵшәақәа рыла. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара ҳгәы иаанагоит Урыстәылеи Аԥсни реиқәшаҳаҭра ҿыц Қарҭ аганахьала иахылҿиаауа ахылҟьа-ҿылҟьақәа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа. Урыстәыла Аԥсны азханаҵеижьҭеи иҵуа ашықәсқәа зегьы агәра днаргар ахәҭоуп Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ганрацәала ишымҩаԥысуа. Уи апроцесс егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ирԥырхагам", — иҳәеит Григори Карасин.

Карасин инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылеи Аԥсни рнапы зҵарҩыз адокумент ари ихьыԥшым ҩ-ҳәынҭқаррак реиқәшаҳаҭра шакәу. Қырҭтәыла акәзар, уи ианыз ианаԥхьоз азҿлымҳара аадмырԥшит, уи иахҟьаны азҵаарақәа рызцәырҵуеит, иҳәеит адипломат.

"Аԥсны аганахь ала Урыстәыла "аннексиа" аҟаҵара агәы иҭаӡам. Аиқәшаҳаҭра хықәкыс иамоу ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рҳәаақәҵара ауп", — азгәеиҭеит Карасин.

Иара убас, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ иҳәеит, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәаа ахыҵра ауадаҩрақәа ацуп ҳәа Қырҭтәыла иҟанаҵо аҳәамҭақәа шҵаҵӷәыдоу. Убас, Карасин ҿырԥштәыс иааигеит иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа миллионҩык ауаа инарзынаԥшуа ишахысыз, Аахыҵ Уаԥстәыла акәзар ҩышә нызқьҩык инарзынаԥшуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0