Аусҭҵаара Немцов иҭархаразы адҵа ҟазҵаз ихьӡ шьақәнаргылеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБорис Немцов убит в центре Москвы
Борис Немцов убит в центре Москвы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аусҭҵааҩцәа ирымоу адыррақәа рыла, Руслик захьӡу ахаҵа ацәгьоуцәа абџьар риҭеит, насгьы хәба-хәба миллион аԥара иақәиргәыӷит, аанацҳауеит "Коммерсант".

АҞӘА, хәжәк 30 – Sputnik. Аусҭҵаара ишьақәнаргылеит Борис Немцов иҭархара алахәра зылшоз ихаҭара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ "Коммерсант" ианылаз аинформациа ала.

Немцов иҭархараҿы Дадаев ихара шьақәырӷәӷәам - Садаханов

"Коммерсант" иамоу адыррақәа рыла, Руслик сыхьӡуп ҳәа раҳәаны иаанкылоу ацәгьоуцәа иҽрымеидеит хаҵак. Аусҭҵаара агәаанагарала, уи ацәгьоуцәа абџьар риҭеит, насгьы хәба-хәба миллион аԥара иақәиргәыӷит. Агазеҭ агәаанагарала, уи ацәгьоура аиҿкаара адагьы ауаҩшьразы адҵа ҟазҵаз иакәзар ауеит.

Аусҭҵаара макьана уи иаанкыларазы иԥшаара иаламгацт, уи ацәгьоура иалахәра шьақәзырӷәӷәо афактқәа ахьазымхо аҟнытә. Иара иӡбахә далацәажәон ауаҩшьра аҟаҵаразы агәҩара зыдны иаанкылоу руаӡәк, Заур Дадаев.

Борис Немцов Москва агәҭа дшьын жәабран 28 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0