Женеватәи аиҿцәажәарақәа XXXII араунд аатуеит рашәарамза 30 рзы

CC0 / / Женеватәи аиҿцәажәарақәа XXXII араунд аатуеит рашәарамза 30 рзы
Женеватәи аиҿцәажәарақәа XXXII араунд аатуеит рашәарамза 30 рзы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Кавказ аҭагылазаашьа иазку Женеватәи аиҿцәажәарақәа анаҩстәи араунд аҟны Аԥсни, Аахыҵ-Уаԥстәылеи, Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәоит.

АҞӘА, рашә 20 – Sputnik. Аахыҵ Кавказ аҭагылазаашьа иазку Женеватәи аиҿцәажәарақәа XXXII араунд мҩаԥысуеит рашәарамза 30 инаркны ԥхынгәымза 1-нӡа, иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаа иҭагӡаны Аԥсни, Аахыҵ-Уаԥстәылеи, Қырҭтәылеи ирызку азҵаарақәа ҳарзааҭгылоит ԥхынгәымза алагамҭазы", — азгәеиҭеит Карасин.

Григори Карасин иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыда даҽа лшарак шыҟам Урыстәылеи, Америкеи, Европеи рыцхыраара ала Қырҭтәыла ишиашоу Аԥсни, Аахыҵ-Уаԥстәылеи рацәажәараз.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0