Аексперт: Бырзентәыла ала иубоит Евроеидгылаҟны аиҟарара аҭыԥ шамам

© AFP 2023 / Louisa GouliamakiАексперт: Бырзентәыла ала иубоит Евроеидгылаҟны аиҟарара аҭыԥ шамам
Аексперт: Бырзентәыла ала иубоит Евроеидгылаҟны аиҟарара аҭыԥ шамам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Европазегьтәи хәы змоу аҟазшьарбагақәа" мифуп, иҳәеит аҭоурых наукақәа ркандидат Александр Студеникин Sputnik аинтервиу анеиҭоз, Бырзентәыла имҩаԥысыз ареферендум аихшьаалақәа дрылацәажәо.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Бырзентәылатәи ахҭысқәа иҿаҿаӡа иаҳдырбоит Евроеидгылаҟны иарбанызаалак еиҟарарак аҭыԥ аманы ишыҟам, акризис аан еиҳа економикала иԥсыҽу атәылақәа рыҵадырӡуеит иҳәеит аҭоурых наукақәа ркандидат Александр Студеникин.

Студеникин игәаанагарала "аҩызцәа еиҳабцәа" еиҳа економикала иԥсыҽу атәылақәа ишынхаша раҳәо рҭыԥ ддырбоит, иара убри аан аамҭа цәгьа иҭашәаз аҳәынҭқаррақәа ргәаанагарақәа зынӡаскгьы зхьаԥшра рырҭом.

"Арҭ атәылақәа ирыдыргалаз амодельқәа ирықәшаҳаҭхар, "амилаҭтә шәарҭадареи" асуверинитети дара рзыҳәан ажәаны мацара иаанхоит, ҵакгьы рыманы иҟалом. Адәныҟатәи атәымныррала аҳәынҭқарратә суверинитет ашьақәыргылара алшараны иҟам", — азгәеиҭеит аҭоурых наукақәа ркандидат.

Адәахьынтәи анапхгара амҩаԥгараан акультуреи, аҵареи реиԥш иҟоу "амилаҭтә акзаара" шьақәзыргыло ахәҭақәа зегьы ыӡуеит, ациҵеит иара.

Студеникин иԥхьаӡоит Европа шықәсырацәала иара ахықәкқәа, ахақәиҭреи аиҟарареи иарбанызаалак ахатәы инциатива анагӡареи уҳәа акыр иԥшӡоу ажәақәа рыла ихнаҩоит ҳәа.

Бырзентәыла имҩаԥысыз ареферендум аҟны ауалҳәаҩцәа "мап" ҳәа рарҳәеит

"Акыр уаажәларра атоталитаризм аҿагылара алозунгқәа ирыҵагыланы рықәгылара лҵшәадахахьан, избанзар атоталитаризм иевропатәым амилаҭқәеи аҳәынҭқаррақәеи роуп еиҳа изтәышьҭраны иҟоу ҳәа иазыԥхьаӡан. Мраҭашәарахьтәи Европа ауааԥсыра Евразиатәи ажәларқәа ишрышьҭо мацара уахәаԥшыргьы иубоит рыҳаҭырдара, "асовет едгылашьҭахьтәи аҵакыра", — абас анырҳәо угәы иаанагап урҭ резервациак иаҵанакуа, зхала ацивилизациа ашьақәыргылара злымшо ракәноуп ишрыхәаԥшуа – иҳәеит аексперт.

Адоуҳа аганахьала Мраҭашәаратәи Европа, иазгәеиҭеит Студеникин, адунеитә еиҿкаара ҿыц – адократиа — иаҭыԥны иҟоуп.

"Агәнаҳара аԥсҭазаара иазыԥҵәаны ианыԥхьаӡоу, иара аҿагылара цәгьоурак еиԥш ианахәаԥшуа адоуҳа ҭыԥ аманы иҟам", — иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ.

Александр Студеникин инаҵшьны иазгәеиҭеит Бырзентәылатәи ареферендум ишаанарԥшыз анапхгара ажәлар алхрақәа раан мацара акәымкәа ргәаанагара ианазҵаауа, дара ажәларгьы реиҳабыра рыгәрагара анырцәымӡыц, уи ажәлар "иҭи-иаахә" ҳәа иҟоу  аизыҟазаашьақәа ишрыламӡуа.

Бырзентәыла имҩаԥысуаз ареферендум аҟны 100% алахәылацәа рбиуллитенқәа рыԥхьаӡара аихшьаалақәа инарықәыршәаны, ауалҳәаҩцәа рҭахрақәа"мап" ҳәа аҭак рырҭеит  61,31% алхыҩцәа, "ааи" ҳәа аҭак ҟарҵеит — 38,69%. Иԥхасҭатәуп  ҳәа иԥхьаӡоуп 5,8% абиуллитенқәа.

Абиуллитен азҵаара абасеиԥш иқәгылан: "25.06.2015 рзы Еврогәыԥ аҟны Европатәи акомиссиеи, Европатәи ацентртә банки, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди иҳадыргало, иаку ажәалагала зуа адокументқәа ҩба (актәи – Ҳаамҭазтәи апрограмма ахыркәшаразы ареформақәеи ашьҭахьи; аҩбатәи – Ауал ашьақәтәара заанаҵтәи анализ) рыла ишьақәгылоу  аиқәшаҳаҭра апроект ҳадаҳкылома?" ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0