Абомбақәа ацәҟьарақәа ирықәымшәеит ҳәа ирыларҵәаз аинформациа мцуп

© Sputnik / Дмитрий Виноградов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоссийская боевая авиация на аэродроме около Латакии
Российская боевая авиация на аэродроме около Латакии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи арратә усҳәарҭаҿы "имцуп" ҳәа азырҳәеит амассатә информациатә хархәагақәак рҟны Сириа урыстәылатәи авиациа имҩаԥнагз абомбақәа ркажьраан ацәҟьарақәа ирықәымшәеит ҳәа ицәырҵыз аинформациа. Уи аоперациа ахаҭа иалагаанӡа ирԥаршеины ихәыцыз информациоуп ҳәа иршьоит аусҳәарҭаҟны.

АҞӘА, жьҭаара 2 — Sputnik. Урыстәылатәи арратә усҳәарҭаҿы "имцуп" ҳәа азырҳәеит амассатә информациатә хархәагақәак рҟны Сириа урыстәылатәи авиациа имҩаԥнагз абомбақәа ркажьраан ацәҟьарақәа ирықәымшәеит ҳәа ицәырҵыз аинформациа. Уи аоперациа ахаҭа иалагаанӡа ирԥаршеины ихәыцыз информациоуп ҳәа иршьоит аусҳәарҭаҟны.

Абри атәы ажурналистцәа иреиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков. Убри аан иара иазгәеиҭеит, арратә усҳәарҭа иарбанызаалак аинформациа ишашьҭаԥшуа.

"Ари аинформациа ԥаршеила еиқәырҽаҽоуп. Иарбанызаалак ҵаҵӷәык аманы иҟам. Ишәсырдырыр сҭахуп, аинформациатә провокациақәа реиҳарак заа иӡбоу шракәу", — иҳәеит Конашенков.

Иара иажәақәа рыла, Атәылахьчара аминистрра мышкахьы ҩынтә ауаажәларра ирыднагалоит урыстәылатәи авиациа Сириа имҩаԥнаго аоперациазы адыррақәа.

"Ҳара иҟаҳҵо адыррақәа зегьы ҵаҵӷәыркуп, ирыцуп афотои –авидеои ҳасабырбақәа. Ԥхьаҟагьы ари аусура иацаҳҵап ҳәа ҳагәҭакуп", — азгәеиҭеит аинрал.

Иахьа, Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ирыланарҵәеит Франциеи, Германиеи, Катари, Саудавтәи Аравиеи, Ҭырқәтәылеи, Британиа Дуи, Америкатәи Аштатқәеи рнапхгара Урыстәылахь рхы рханы иҟарҵаз аҳәамҭа – "Сириатәи аоппозициа аҿагылара шәаҟәыҵны Аислам ҳәынҭқарра аҿагылара шакәу имҩаԥыжәгалаша" ҳәа.

Убри аан Урыстәыла иҟоу Сириа Ацҳаражәҳәаҩ Риад Хаддад ишьақәирӷәӷәоит ааха зауа атеррористтә гәыԥқәа шракәу. Иара иажәақәа рыла, сириатәи ар иныҭкааны, имҩашьо ирдыруеит атеррористцәа ахьыҟоу аҭыԥқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0