Ҳаиқәырхаҩ имҩа ианысит Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәагьы

© Sputnik Роберт ДжопуаҲахьчаҩ имҩа ианысит Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәагьы
Ҳахьчаҩ имҩа ианысит Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәагьы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәа агәаҟ Евстафи Аԥсилтәии апостол Симон Кананити рсахьаҩырақәа мҩаныргеит Претории инаркны Голгофанӡа.

ИЕРУСАЛИМ, мшаԥымза 29 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Иерусалим рыҟазаараан, ахәаша, мшаԥымза 29 рзы Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәа агәаҟ Евстафи Аԥсилтәии апостол Симон Канатәии рсахьаҩырақәа мҩаныргеит Претории инаркны Голгофанӡа. Абри атәы ҳзааицҳаит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Саид Ҳаразиа.

"Ҳара иахьа Иҳақәиҭу Иаса Қьырса игәаҟмҩа ҳанысит, агәаҟ Евсафи Аԥсилтәии апостол Симон Канатәии рсахьаҩырақәа ҳаманы. Асахьаҩыра ԥшьа ҳаргылеит иаса Қьырса дахькыдҵаз аҭыԥ аҿы. Аԥсышәала анцәа ҳимҵаныҳәеит", — иҳәеит Ҳаразиа.

Адепутат иажәақәа рыла дарбанызаалак аиашахаҵара иатәу ақьырсиан иуалԥшьоуп Аџьар ныҟәара ахысра.

Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәа Иордан аӡыԥшьа рыҽӡааршьит

"Дарбанызаалак аиашахаҵара иатәу ақьырсиан иуалԥшьоуп Аџьар ныҟәара ахысра. Уи ныҳәак еиԥш ишьатәуп Амшаԥ аламҭалаз", — иҳәеит Ҳаразиа.

Ахәаша ду азы Аџьар ныҟәара мҩаԥысуеит Ҳанцәа дызнысыз амҩала, Претории инаркны Голгофанӡа.

Аԥснынтәи ауахәаманыҟәаҩцәа Иерусалим инеит ахәаша, мшаԥымза 22 рзы.

Аԥснынтәи аныҳәарҭақәа рахь аныҟәаҩцәа Иерусалимҟа амҩа иқәлеит Амшаԥ аламҭалазы амца ԥшьа аҟәырҷаха аагаразы. Абри аидеиа цәырыргеит Рауф Ҳаразиеи Леуан Адлеибеи.

Амца анҩеилак ашьҭахь Аԥснытәи аныҳәарҭақәа рахь аныҟәаҩцәа хәҩык Шәачаҟа ачартертә реис ала ихынҳәуеит Амшаԥ аламҭалазы Амца ԥшьа аҟәырҷаха рыманы.

Ажәабжьқәа зегьы
0