Путин G20 аиԥылара иҽалаирхәуеит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПутин G20 аиԥылара иҽалаирхәуеит
Путин G20 аиԥылара иҽалаирхәуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Укрепление координации экономической политики и новый путь к росту" раԥхьатәи аусутә еилатәара азкуп адунеи аҟны амакроекономикатә ҭагылазаашьа.

АҞӘА, цәыббра 5 — Sputnik. Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин Ханчжоу имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵатә центр ахь днеиит. Ароуп иаатраны иахьыҟоу асаммит "Группа двадцати". "Укрепление координации экономической политики и новый путь к росту" раԥхьатәи аусутә еилатәара азкуп адунеи аҟны амакроекономикатә ҭагылазаашьа, аструктуратә реформақәа рымҩаԥгара амҩала аҿиара агәазыҟаҵара аҭара.

Путини БРИКС алидерцәеи G20 амҩаԥысраан иформалтәым аиԥыларақәа мҩаԥыргараны иҟоуп. Китаитәи асаммит ахь инеиит 19 тәыла рхадацәа (Аргентина, Австралиа, Бразилиа, Британиа ду, Германиа, Индиа, Индонезиа, Италиа, Канада, Китаи, Мексикиа Республики Кореа, Урыстәыла, Саудовтәи Аравиа, ЕАШ, Ҭырқәтәыла, Франциа, Иапониа, иара убасгьы Европатәи аидгыла.

Арахь иааԥхьан Испаниеи Сингапури рԥыза-министрцәа сасцәақәак рыҳасабала.

Урыстәылатәи аделегациа асаммит аилатәарақәа зегьы ирылахәын. Иҟанаҵоз ажәалагалақәагьы настәи ахцәажәара ҭбаа роуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0