Медведев: Урыстәылеи Узбекистани реизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы идырӷәӷәалоит

© Sputnik / Дмитрий Астахов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рхада Дмитри Медведев
Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рхада Дмитри Медведев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ҳара лассы-лассы ҳаицәажәалон. Ҳаицәажәара еснагь алҵшәа аман. Сгәы иаанагоит Урыстәылеи Узбекистани реизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы идырӷәӷәалоит ҳәа", азгәеиҭеит Дмитри Медведев алахьеиқәҵаратә митинг аҟны данықәгылоз.

АҞӘА, цәыббра 5 — Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рхада Дмитри Медведев иазгәеиҭеит Урыстәыла ԥхьаҟагьы иалшо зегь шыҟанаҵало Москвеи Ташкенти реизыҟазаашьа арманшәаларазы.

"Ҳара лассы-лассы ҳаицәажәалон. Ҳаицәажәара еснагь алҵшәа аман. Сгәы иаанагоит Урыстәылеи Узбекистани реизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы идырӷәӷәалоит ҳәа", азгәеиҭеит Дмитри Медведев Узбекстан Апрезидент Ислам Каримов аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагараантәи алахьеиқәҵаратә митинг аҟны данықәгылоз.

Дмитри Медведев Урыстәыла Апрезидент Владимир Путини урыстәылатәи ажәлари рыхьӡала гәык-ԥсык ала адышшылара ҟаиҵеит.

Медведев иажәақәа рыла иҟаҵатәу рацәоуп, аха еиҵагылаз абиԥара атәыла актәи Апрезидент иԥышәа рхы ишадырхәо агәрагара имоуп.

"Ихьанҭоу абарҭ амшқәа рзы ҳашшәыдгылоу агәра жәга", — иҳәеит Медведев узбекистанжәлар рахь ихы нарханы.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Каримов иналукааша ҳәынҭқарратә усзуҩны дшыҟаз, иԥсҭазаара аиҳара ижәлар рымаҵ аура ишазырхаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0