Урыстәылеи Китаии рҳәаа иахьаԥну аҳаиртә баӷәаза ҿыц ргылахоит

© Sputnik / Сергей Пивоваров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҳаиртә баӷәаза ҿыц аргылара
Аҳаиртә баӷәаза ҿыц аргылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асабшаҽны ихацыркхеит есышықәса 450 нызқьҩык апассаџьырцәеи 3,6 нызқь тонна аидареи рымаҵ азура азыԥхьагәаҭоу аҳаиртә баӷәаза ҿыц ахь амҩа аҟаҵара.

АҞӘА, жьҭаара 17 — Sputnik. Китаитәи апровинциа Хеилунцзиан аҿы лассы иалагараны иҟоуп аҳаиртә баӷәаза ҿыц аргылара.

Ақалақь Суифеньхе Ахадара ахаҭарнак иажәақәа рыла арегионалтә ҳаиртә баӷәаза аргылара аинвестициақәа ишьақәдыртәоит 179 миллион доллар. Аҳаиртә баӷәаза есышықәса 450 нызқьҩык апассаџьырцәеи 3,6 нызқь тонна аидареи рымаҵ азура азыԥхьагәаҭоуп.

Синьхуа ишаҳәо ала Суифеньхе Урыстәылаҟа аидара ашьҭразы иреиҳаӡоу терминалуп апровинциа иахьаҵанакуа зегь аҟны. Есышықәсатәи ахәаахәҭра абри аҭыԥ ала иартәоит 10 миллиард иоань (1,5 миллиард доллар). Аҭыԥантәи аҳазалхырҭа адыррақәа рыла 80% аимпорти аекспорти абри атерминал ала имҩаԥыргоит.

Суифеньхе — Китаи аҩада-мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу қалақьуп. Араҟа инхоит 2,8 миллионҩык ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0