Ту-154 аҟны иҭахаз рҵыхәтәантәи рымҩахь инаскьаргеит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҳаирплан Ту-154 иҭаз рҵыхәтәантәи рымҩахь инаскьаргеит
Аҳаирплан Ту-154 иҭаз рҵыхәтәантәи рымҩахь инаскьаргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳаирплан Ту-154 иҭаз "абзиараз" ҳәа раҳәара ацеремониа мҩаԥысит ашәахьа, Афедералтә арратә мемориалтә ԥсыжырҭаҿы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik. Аҳаирплан Ту-154 иҭаз "абзиараз" ҳәа раҳәара ацеремониа мҩаԥысит ашәахьа, Афедералтә арратә мемориалтә ԥсыжырҭаҿы. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости. Арахь иааиит иҭахаз рҩызцәа, рыуацәа, аус рыцызуаз. Арахь дааиит Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.

Абри ашьҭахь иҭахаз анышә иамадахоит Москва амҵан иҟоу Афедералтә ԥсыжырҭаҟны.

Ԥхынҷкәын 25, ашьыжь, Шәача ақалақь ааигәара Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра иатәыз аҳаирплан каҳаит. Аҳаирплан иҭан Урыстәыла ар рыкәашареи рышәаҳәареи рансамбль артистцәа, еицырдыруа агәыҳалалратә усмҩаԥгаҩ Елизавета Глинка (аҳақьым Лиза), иара убас Актәи аканали, НТВ-и, ателеканал "Звездеи" ржурналистцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0