Стенин ихьӡ зху аиндаҭларахь азыҳәақәа рхыԥхьаӡара рацәоуп

© Sputnik / Анар Мовсумов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие выставки победителей конкурса им. Андрея Стенина в Шанхае. Архивное фото
Открытие выставки победителей конкурса им. Андрея Стенина в Шанхае. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс ахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит Андреи Стенин ииарамш аҽны. Аусумҭақәа рыдыркылалоит 2018 шықәса жәабранмза 28 рҟынӡа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik. 1000 инарзынаԥшуа сахьа нарышьҭхьеит 40 тәыла рҟынтәи алахәылацәа ҳәа аанацҳаит ажьырныҳәа 31 рзы жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня".

"Аиҿкааҩцәа актәи амза аҩныҵҟа мацаразы ироуит 1000 инарзынаԥшуа фотосахьа. Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿурԥшуазар ари ҩынтәны еиҳауп", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Еиҳарак активла рхы аадырԥшуеит афоторепортиорцәа Урыстәыла, Индиа, Кениа, Бангладеш, Палестина, Сербиа, Ҭырқәтәыла, Америка, Великобританиа, Иран, Малаизиа, Аладатәи Африка, Китаи, Беларуссиа, Молдова, Ҟазахсҭан рҟынтәи.

Аконкурс апортал stenincontest.ru ахь 18-34 шықәса зхыҵуа афоторепартиорцәа русумҭақәа рыдыркылоит. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс ахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит Андреи Стенин ииарамш аҽны. Аусумҭақәа рыдыркылалоит 2018 шықәса жәабранмза 28 рҟынӡа.

Открытие выставки …чтобы знали - Sputnik Аҧсны
Андреи Стенин ихьӡ зху аиндаҭларахь арзаҳалқәа рыдыркылоит

Аконкурс еиҿнакааит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня". Иара иахьазы Урыстәыла ахьӡ ҿыцқәа аазыртуаны иҟоу конкурс заҵәыкуп. 2017 шықәса рзы аусумҭақәа алыркаауеит аноминациақәа ԥшьба рыла: "Главные новости", "Спорт", "Моя планета", "Портрет",  Герой нашего времени".

2018 шықәса рызгьы арҭ аноминациақәа аанхоит, иара убри аан номинациацыԥхьаӡа ирыдыркыло аусумҭақәа рхыԥхьаӡара еиҳатәхоит.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара 2018 шықәса рзы имҩаԥысуит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ (СМИ), аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала. Аиндаҭлара информациатә партниор хаданы иҟан: урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә канал "Россия-Культура", аинформациа-жәабыжьтә портал KP.ru, аинформациатә портал ЖурДом, апортал Russian Photo.

Ажәабжьқәа зегьы
0