Донецки Лугански иаку аҳазалхратә ҵакыра еиҿыркаауеит

© Sputnik / Дэн Леви / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОполченцы ДНР в Донецкой области
Ополченцы ДНР в Донецкой области - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаку аҳазалхратә ҵакыра аиҿкаара ареспубликақәа рыҩба рекономикақәа рыҿиаразы ихәарҭоуп.

АҞӘА, жәабран 1 — Sputnik. Донецктәи жәлар рреспублика Ахада Александр Захарченкои Лугансктәи жәлар рреспублика Ахада инапынҵақәа назыгӡо Леонид Пасечники аҳәамҭа ҟарҵеит иаку аҳазалхратә ҵакыра шаԥырҵо азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ажьырныҳәа 31 рзы Донецктәи жәлар рреспублика Ахада Александр Захарченкои Лугансктәи жәлар рреспублика Ахада инапынҵақәа назыгӡо Леонид Пасечники рнапы аҵарҩит иаку аҳазалхратә ҵакыра анапаҵаҩра гәҭакны ишрымоу азы Аԥкаанҵа", — ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Захарченко ишазгәеиҭаз ала адокумент анапаҵаҩра ареспубликақәа рыҿиараҿ шьаҿа ҿыцуп.

"Ҳара иахьа ҳнапы аҵааҩит агәҭакқәа рзы Аԥкаанҵа. Иара ԥхьаҟазы иалнаршоит аҳазалхратә ҳәаақәа раԥыхра. Уи адагьы ҳнапы аҵааҩит аихамҩатә еидарақәа рымҩаԥгара аиҿкаараан аинырразы аиқәшаҳаҭра", — ҳәа азгәеиҭеит Захарченко.

Ажәабжьқәа зегьы
0