Ҟазахсҭан аԥшӡаразы аиндаҭлара афиналист дхаҵан

© Фото : Предоставлено: Илай ДягилевИлай Дягилев
Илай Дягилев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алма-Ататәи амодель Илаи Диагилев реиҳа иԥшӡоу ҳәа аҳәса реиндаҭлараҿы афинал аҟынӡа днеит. Абри ашьҭахь иҿы иқәшаҳаҭхеит дышхаҵоу азы.

АҞӘА, жәабран 5 — Sputnik. Алма-Ата инхо Илаи Диагилев Арина Алиеа ҳәа ихьыӡҵаны ифотосахьақәа наишьҭит Miss Virtual Kazakhstan аиндаҭларахь, афинал аҟынӡагьы днеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Казахстан.

Афинал аҟынӡа инеиз Илаи иҿы иқәшаҳаҭхеит дышхаҵаз азы. Иара ас зыҟаиҵаз ҳәа ииҳәо иахьатәи аҭыԥҳацәа зыцәхьаҵыз "аԥсабаратә ԥшӡара" апропоганда аиҭарц ауп.

"Сҩызцәеи сареи аимак ҳауит аԥшӡара аганахь ала. Сара исыӡбеит аиндаҭлара сҽаласырхәырц. Сара еснагь пату сзақәуп аԥсабаратә ԥшӡара – анцәа иуаҭәеишьаз. Шәара ижәбеит аҭыԥҳацәа зегьы дара дара шеиԥшу, еиԥшны рыҽшеиларҳәо, рыхцәы шыҟарҵо. Сара аԥшӡара аҽакала сахәаԥшуеит", — иҳәеит Илаи.

Илаи игәы иахәеит ауаа адгылара ахьирҭаз, иҟаиҵаз иашаны иахьыршьаз.

"Сара амц шәҳәа сымҳәеит. Сара исҭахуп ауаажәларра азхьасырԥшырц дарбанызаалак ихатәы хаҿы иманы иҟазаара зегьы ишрыцку. Иԥшӡоу, амода иақәшәо уара иунаало ауп", — иҳәеит иара.

Илаи Диагилев Алма-Ата дынхоит, модельс аус ауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0