Аԥсны инхо атәылауаа хәшәыла реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра аратификациа азууп

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с российскими участниками XXIII Олимпийских зимних игр 2018 года в Пхёнчхане
Президент РФ В. Путин встретился с российскими участниками XXIII Олимпийских зимних игр 2018 года в Пхёнчхане - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа хәшәыла реиқәыршәаразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2017 шықәса рашәарамза 22 рзы.

АҞӘА, жәабран 6 — Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа хәшәыла реиқәыршәаразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азиуит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥснынтәи инашьҭу адырра ҷыдақәа шьаҭас иҟаҵаны Урыстәылатәи Афедерациа ареспублика афинанс цхыраара анаҭоит, хәшәыла еиқәнаршәоит. шәыла еиқәыршәахо рахь иаҵанакуеит аинвалидцәа. Ахәшәқәа ахьрырҭо апункт ҷыдақәа аартхоит Гагреи Тҟәарчали.

Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура адырра ҟанаҵеит ахәшәқәа Урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи апаспорти аинвалидраз аршаҳаҭга умани шакәу ишурҭо.

Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны иахьаҵанакуа инхо Урыстәыла атәылауаа хәыда-ԥсада хәшәыла реиқәыршәаразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын рашәарамза 22 2017 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0