Аолимпиада иахәаԥшырц зҭаху 80% абилеҭқәа аархәахьеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка к Олимпийским играм 2018 в Пхенчхане
Подготовка к Олимпийским играм 2018 в Пхенчхане - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы аҟны 2018 шықәсазы Пхенчхан имҩаԥысуа аолимпиадахь 78% абилеҭқәа рҭихьеит.

АҞӘА, жәабран 7 — Sputnik. Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы аҟны 2018 шықәсазы Пхенчхан имҩаԥысуа аолимпиада иахәаԥшырц зҭаху 80% абилеҭқәа аархәахьеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аладатәи Кореиа ақалақь Пхенчхан аҟны ирҭихьеит аолимпиадахь абилеҭқәа реиҳаарк", — ҳәа ааицҳауеит Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы апрезидент Томас Бах.

Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы апрезидент Томас Бах агәра игоит абилеҭқәа раахәаразы аилауаҭырра иалагоит ахәмаррақәа рылагамҭаз ҳәа.

2018 шықәсазтәи аӡынтәи Аолимпиада хацыркхоит жәабран 9 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0