Акоалициа шьамтәылатәи ар рықәлараан иҭахеит 100-ҩык инареиҳаны аруаа

© Sputnik / Михаил Алаеддин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в районе Дейр-эз-Зора
Ситуация в районе Дейр-эз-Зора - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
США зхадараҿы иҟоу акоалициа аԥшьашаҽны аҳәамҭа ҟанаҵеит аиҳабыратә архәҭақәа "Шьамтәыла адемократиатә мчрақәа" (SDF) ишрықәлази уи аҭак шыҟаҵази рзы.

АҞӘА, жәабран 8 — Sputnik. Акоалициа аҭактә жәылараан иҭархан 100-ҩык инареиҳаны аиҳабыратә архәҭақәа реибашьцәа. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости, ателеканал АВС адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Зхы ӡырызгар зҭахымхаз америкатәи аруаҩ ателеканал иазеиҭеиҳәеит акоалициа рыр аҳауаҟынтәи ажәылареи артилериатә жәылареи шымҩаԥыргаз. Иара иажәақәа рыла "Шьамтәыла адемократиатә мчрақәа" (SDF) аштаб-квартира ажәыларагьы иалахәын артиллериеи атанкқәа Т-54 Т-72.

Ачынуаҩ иара убасгьы иҳәеит акоалициеи урыстәылатәи аруааи аҭелтә еимадара рыман ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0