Европа ачемпионат ахь иԥаршеиу абилеҭқәа рыҭиразы аҭакԥхықәра шьақәыргылахоит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка к жеребьевке чемпионата мира по футболу 2018
Подготовка к жеребьевке чемпионата мира по футболу 2018 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 16 инаркны амчра аиуеит афедералтә закәан "Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат FIFA 2018 ахь изакәанымкәа абилеҭқәа рыҭиразы административтә ҭакԥхықәра ашьақәыргыларазы административтә зинеилагарақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Азакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы".

АҞӘА, жәабран 16 — Sputnik. Изакәанымкәа абилеҭқәа рыҭиразы аиурист хаҿқәа ирықәҵахар алшоит 1,5 миллион мааҭ ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Амаҵзуратә хаҿқәа рзы ахараԥса абилеҭ ахәԥса аиҳа 25-30 еиҳаны иартәоит. Иара убри аан иара 150 000 мааҭ еиҵамзароуп. Аиурист хаҿқәа 500 000 мааҭ инаркны миллионк аҟынӡа ахараԥса рықәҵахар алшоит. Иԥаршеиу абилеҭқәа рыҭиразы, ахараԥса еиҳагьы еицәахоит, аиурист хаҿқәа ирықәҵахоит 1,5 миллион мааҭ аԥара", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Уаанӡа Урыстәыла Ахада Владимир Путин ибзиоуп ҳәа ахиҳәаахьан ачемпионат ахь изакәанымкәа абилеҭқәа рыҭиразы административтә ҭакԥхықәра ахьрыдырҵо.

Жәабран 16 инаркны амчра аиуеит афедералтә закәан "Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат FIFA 2018 ахь изакәанымкәа абилеҭқәа рыҭиразы административтә ҭакԥхықәра ашьақәыргыларазы административтә зинеилагарақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Азакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы".

Ажәабжьқәа зегьы
0