Адопинг-ҭыӡшәа иахҟьаны урыстәылатәи акерлингистцәа рмедалқәа дырхынҳәуеит

© Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОлимпиада 2018. Керлинг. Микст. Матч Россия - Швейцария
Олимпиада 2018. Керлинг. Микст. Матч Россия - Швейцария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акерлингист Крушельницки иҿы иқәшаҳаҭхеит адопингҿагыларатә ԥҟарақәа шеилеигаз азы, мапгьы ацәикит Аспорт азы Абжьаҟазаратә ӡбарҭаҿ (CAS) иус алацәажәарахь анеира.

АҞӘА, жәабран 22 — Sputnik. Урыстәылатәи акерлингистцәа Александр Крушельницкии Анастасиа Брызгаловеи Пхенчхан имҩаԥысуа Аолимпиада-2018 аҟны иранашьахаз аџьаз медалқәа ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт., акерлинг азы Урыстәыла Афедерациа апресс-маӡаныҟәгаҩ Валентина Паринова лажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Аӡбарҭа иара усгьы амедалқәа ҳамхра иадгылон. Ҳара ахҭыс аҭыԥ шамаз азы ҳҿы ҳақәшаҳаҭхеит. Адопинг-гәаҭараҿы ашьа мельдони алырбааит. Амедалқәа ҳархынҳәуеит", — лҳәеит лара.

Аҩашаҽны иаарԥшын Крушельницки ишьаҿы мельдони аҟазаара. Иазгәаҭан иара знык ахархәара шаҭаз.

Уаанӡатәи агәаҭарақәа раан адопинг-тестқәа рҟны аспортсмен ишьа цқьан. Аспортсмен ихаҭа иакәзар мап ацәикуеит ззин ыҟам амаҭәашьар дырны ихы иаирхәеит ҳәа ирҳәо.

Ажәабжьқәа зегьы
0