Урыстәылеи Китаии рҵарауаа русеицура иаздырҳауеит

© AFP 2023 / Ye Aung ThuТуманность Ориона
Туманность Ориона - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Роскосмос" ахадеи Китаитәи амилаҭтә космостә усбарҭа ахадареи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

АҞӘА, хәажәкыра 5 — Sputnik. Амзеи иҭҵаам акосмоси еиҳа инарҭбааны рыҭҵааразы "Роскосмос" ахадареи Китаитәи амилаҭтә космостә усбарҭа ахадареи ирыгәҭакуп аусеицура. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Уи азы "Роскосмос" ахадеи Китаитәи амилаҭтә космостә усбарҭа ахадареи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Токио имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афорум аҿы.

Аиқәышаҳаҭра инақәыршәан аорбитатә космостә аппарат "Луна-Ресурс-1" 2022 шықәса рзы Амзахь ирԥырхоит.

Адокумент рнапы аҵарҩит "Роскосмос" адиректор хада Игорь Комарови КНКА ахада ихаҭыԥуаҩ Уи Ианьхуаи.

Иара убасгьы дара алацәажәеит амзатә проектқәеи акосмоси рзы ацентр аицеиҿкаара.

Абҵарамзазы "Роскосмос"-и КНКА-и 2018-2022 шықәсқәа рзы акосмос аусхк аҟны апрограмма рнапы еицаҵарҩит.

Ажәабжьқәа зегьы
0