"Скрипаль иус": Польшаа урыстәылатәи адипломатцәа атәыла иалырцар алшоит

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПосольство Российской Федерации в Варшаве.
Посольство Российской Федерации в Варшаве. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Польшатәи амчрақәа алацәажәоит урыстәылатәи адипломатцәа атәыла ралцара азҵаареи урыстәылатәи аилахәырақәа рганахь ала асанкциақәа ралагалареи.

АҞӘА, хәажәкыра 20 —Sputnik. Польша Британиа ду адгылара аҭо иалацәажәоит урыстәылатәи адипломатцәа атәыла ралцара азҵаареи урыстәылатәи аилахәырақәа рганахь ала асанкциақәа ралагалареи. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Gazeta Prawna адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Флаг Великобритании на фоне Вестминстерского дворца в Лондоне. - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи адипломатцәа Англиа иалцахар алшоит

Варшава ирҭахуп урыстәылатәи аилахәырақәеи ачынуааи рганахь ала асанкциақәа ралагалара. Аилацәажәарақәа хацыркын ииасыз амчыбжь азы аха иазыԥшын Урыстәыла имҩаԥысраны иҟаз алхрақәа рылҵшәақәа ҳәа азгәанаҭоит аҭыжьымҭа.

Варшава аус Евроеидгыла иаднакыло аӡбрала аҭыԥ ақәҵара зегьы иреиӷьны ишабогьы Евроеидгыла иаку ӡбрак иазкылымсыр ахатәы лкаақәа ҟанаҵарц агәҭакы амоуп.

Варшава аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит Берлин агазмҩангага "Северный поток-2" ааннакыларц. Абри атзы уаанӡа адырра ҟаиҵахьан Польша Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Конрад Шиманьски.

"Скрипаль иус" инадҳәаланы Британиа ду иҟоу 23-ҩык урыстәылатәи адипломатцәа атәыла иалцахар ҟалоит ҳәа. Абри азы Британиа аԥыза-министр Тереза Меи аҳәамҭа ҟалҵеит апарламент аҿаԥхьа данықәгылоз.

Британиа ду аԥыза-министр Тереза Меи илҳәеит урыстәылатәи адипломатцәа 23-ҩык атәыла ралцара Британиа урыстәылатәи аԥшыхәратә маҵзурақәа русура акраамҭа иааннакылоит ҳәа.

Иара убасгьы Британиа ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ааннакылоит, Урыстәыла имҩаԥысраны иҟоу ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат ахь Англиа акралцәа рҭаацәа рхаҭарнакцәа ааӡом.

"Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Лондон даҭаарц азы изыҟаҵаз ааԥхьарагьы шьҭахьҟа иргьыжьхоит", — лҳәеит Меи.

Британиа аԥыза-министр Сергеи Скрипаль иганахь ала имҩаԥгаз ажәыларатә уснагӡатәқәа мҩаԥызгаз Урыстәыла ауп ҳәа илшьоит, ааԥхьарагьы ҟалҵоит Урыстәыла жәларбжьаратәи анырра арҭарц.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова илҳәеит хара имгакәа Тереза Меи апарламент аҟны лықәгылара аҭак шыҟаҵахо.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра акәзар Меи лҳәамҭа "ацирктә шоу" ҳәа ахырҳәааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0