Ирантәи ахакерцәа ООН-и США аиҳабыреи рсерверқәа ирықәлеит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВирус-вымогатель атаковал IT-системы компаний в разных странах
Вирус-вымогатель атаковал IT-системы компаний в разных странах - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ниу-Иорк аштат аладатәи аокруг апрокурор ирантәи ахакерцәа ахара рыдиҵеит.

АҞӘА, хәажәкыра 26 — Sputnik. Ниу-Иорк аштат аладатәи аокруг апрокурор Джеффри Берман, 9-ҩык ирантәи ахакерцәа ахара рыдиҵеит ООН-и ЕАШ (США) аиҳабыреи рсерверқәа ирықәлеит, 36 рҟынӡа еилахәыра рсерверқәа шьақәырҟьеит ҳәа. Арахь иаҵанакуеит азиндырратәи, афинанстәи, амедицинатәи, абиотехнологиатәи секторқәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Уаанӡа апрокурор ихаҭыԥуаҩ Род Розенстаин аҳәамҭа ҟаиҵахьан иара абри агәыԥ 22 тәыла рҟны 320 университет рҟынтәи 3,4 миллиард доллар иаԥсоу аинформациа рӷьычхьан ҳәа.

ЕАШ (США) афинансқәа рминистрра асанкциақәа рсиахь иаҵадыркит 9-ҩык иранааи иара убасгьы 2017 шықәса рзы ателеканал HBO асервер шьақәызҟьаз аҽаӡәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0