Путин Кемеровтәи арыцҳара амзыз далацәажәеит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин почтил память погибших при пожаре в Кемерове
Президент РФ В. Путин почтил память погибших при пожаре в Кемерове - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ахада Владимир Путин аҩаша ашьыжь, арыцҳара ахьыҟалаз ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" ахь Кемерово днеиит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла уаҟа иҭахаз рхыԥхьаӡара 67-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

АҞӘА, хәажәкыра 27 — Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин Кемерово иҟалаз амцакра мзызны иамоу аҭакԥхықәрадароуп ҳәа иҳәеит. Абир атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аибашьра аамҭа ҳҭагылам, ашахтаҿ аԥжәара ҟамлеит. Ауаа рыԥсы ршьарц иааиит арахь. Адемографиа ҳалацәажәиот, арахь ауаа ҳарӡуеит. Избан? Зегь зыхҟьо аҭакԥхықәрадароуп", — ҳәа иҳәеит Урыстәыла Ахада Владимир Путин.

Атәыла Ахада адҵа ҟаиҵеит Урыстәыла Аусҭҵааратә еилакы аиҳабы Александр Бастрыкин амаҵзуратә хаҿқәа рхарара азинтә хәшьара аиҭарц.

Урыстәыла Ахада Владимир Путин аҩаша ашьыжь, арыцҳара ахьыҟалаз ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" ахь Кемерово днеиит.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла уаҟа иҭахаз рхыԥхьаӡара 67-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0