Аҩбатәи америкатәи аесминец Шьамтәыла аганахь ахы археит

© Flickr / Official U.S. Navy PageЭсминец ВМС США Портер. Архивное фото
Эсминец ВМС США Портер. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи аҭыжьымҭа Hurriyet адыррақәа рыла Шьамтәылаҟа ишьҭу актәи америкатәи аесминец ԥшьынтә раҟара урыстәылатәи аҳаирпланқәа ахыԥрааит, аха ари аинформациа Пентагон ииашам ҳәа ахырҳәааит.

АҞӘА, мшаԥы 10 — Sputnik. Аҩбатәи америкатәи аесминец Адгьылбжьахамшын ахь инеир алшоит мышқәак рышьҭахь ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ Wall Street Journal адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Адгьылбжьахамшын мрагыларатәи ахәҭаҿы Америка аракетатә есминец USS Donald Cook гылоуп. Уантәи иара иалшоит Шьамтәыла иарбан ҭыԥзаалак ааха аҭара. Аҩбатәи аесминец, USS Porter акәзаргьы уахь инеир алшоит мышқәак рышьҭахь" ҳәа иаагоуп Пентагонтәи ахыҵхырҭаҟынтәи адыррақәа.

Уаанӡа, Washington Examiner адырра ҟанаҵахьан аесминец 60 ракета "Томагавк" зықәгыло аесминец USS Donald Cook Кипр ааныжьны Шьамтәыла аганахь ахы археит ҳәа.

Шьамтәылатәи ақалақь Дума аҿы ахимиатә бџьар рхы иадырхәеит ҳәа АИХ рҟны адыррақәа ыҟан ииасыз амчыбжь азы.

Мраҭашәаратәи атәылақәа ахара адырҵеит аофициалтә Дамаск.

Шьамтәылеи Москвеи уи мап ахырҳәааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0