Цои изку афильм Каннтәи афестиваль иалахәхоит

© Sputnik / Галина Кмит / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛидер рок-группы "Кино" Виктор Цой
Лидер рок-группы Кино Виктор Цой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи арежиссер Кирилл Серебренников ифильм "Лето" 71-тәи Каннтәи афестиваль апрограмма иалахәхоит. Афестиваль мҩаԥгахоит Франциа лаҵарамза 8-19 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 13— Sputnik. Урыстәылатәи арежиссер Кирилл Серебренников ифильм "Лето" 71-тәи Каннтәи афестиваль апрограмма иалахәхоит. Афестиваль мҩаԥгахоит Франциа лаҵарамза 8-19 рзы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, афестиваль адиректор хада Тиерри Фремо иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Кирилл Серебренников ифильм "Лето" аҟны еиҭаҳәоуп Брежнев иаамҭа иатәу аҭоурых. Ишыжәдыруа еиԥш Канны еснагь арҿиареи ахақәиҭреи аҳра ахьыруа ҭыԥны иҟан… ҳара ааԥхьара иаҳҭоит афильм автор", — иҳәеит Фремо.

Акиносахьа алацәажәоит Маик Науменкои иара иԥҳәыс Наталиеи ашәаҳәаҩ Виктор Цои реизыҟазаашьа. Аамҭаны иаҵанакуеит 1981 шықәса. Ахҭыс мҩаԥысуеит Ленинград. Уа, Led Zeppelin, Девид Боуи уҳәа мраҭашәаратәи арок-шәаҳәаҩцәа иҟарҵаз аныррала иҿиоит аурыс рокгьы. Виктор раԥхьатәи альбом ҭаиҩуеит, Маик еиҿикаауеит агәыԥ "Зоопарк". Ароль хадақәа ихәмаруеит Тео Иу, Ирина Старшенбаум, Рома Зверь.

Есышықәса франциатәи ақалақь Канны аҟны имҩаԥыргоит иналукааша ҳәа иԥхьаӡоу акинофестиваль. 2002 шықәса рзы Жәларбжьаратәи акинофестиваль официалла иаиуит ахьӡ –"Каннтәи афестиваль".

Сынтәа афестиваль ажиури напхгара алҭоит жәларбжьаратәи аԥхьахәқәа жәпакы заҭәашьоу Кеит Бланшетт.

Ажәабжьқәа зегьы
0