Ҟрым акурорттә еизгақәа рыҿҳәара инахеит

© Sputnik / Владимир Сергеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРегионы России. Крым
Регионы России. Крым - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азакәан инақәыршәаны иазыԥхьагәаҭоуп уахыки-ҽнаки рыла 10 мааҭк ашәара.

АҞӘА, мшаԥы 26 — Sputnik. Акурорттә еизгақәа мҩаԥгахарц азы аҳәара ҟарҵеит амшын иаԥну Ҟрым арегионқәа быжьба, аха ареспублика Апарламент урҭ ралагалара аҿҳәара инахеит 2019 шықәса лаҵарамзанӡа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Вид на Крым - Sputnik Аҧсны
Арӡынба: Ҟрыми Аԥсни русеицура еиҵыххоит

Ареспубликатә закәан "Акурорттә еизгазы" ахәҭаҷ 3 ариашара аҭазарц рыбжьы рҭиит Апарламент алахәылацәа реиҳараҩык. Азакәан аҟны иарбан ареспубликаҿ експеремент ҳасабла ихацыркхоит 2018 шықәса лаҵарамза 1 инаркны 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа ҳәа. Уажәшьҭа иара риашоуп аизгақәа ралагалара аҿҳәара инахоуп 2019 шықәса лаҵарамзанӡа ҳәа.

Ҟрым акурортқәеи атуризми рминистр Вадим Волченко адепутатцәа рыӡбра ахҳәаа аиҭеит, иазгәеиҭеит арҭ ариашарақәа Ҟрымтәи ацҳа аартреи аҳаиртә баӷәазаҿ атерминал ҿыц аартреи ишрыдҳәало.

Акурорттә еизгақәа рзы азыҳәақәа нарышьҭит: Иалта, Алушта, Евпаториа, Феодосиа, Судак, Саки, Амшынеиқәатә раион.

Азакәан инақәыршәаны иазыԥхьагәаҭоуп уахыки-ҽнаки рыла 10 мааҭк ашәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0