Урыстәыла ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат иазыхиоуп

© Sputnik / Grigory Sokolov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтадион Нижний Новгород
Стадион Нижний Новгород - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ахада Шәача ақалақь аҟны даҭааит ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аиҿкааратә хеилак аилатәара иҽалаирхәырци, ФИФА апрезидент Джанни Инфантинои иареи еиԥыларци.

АҞӘА, лаҵара 4— Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин лаҵара 3 рзы Шәача ақалақь аҟны имҩаԥигеит ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аиҿкааратә хеилак аилатәара ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт Урыстәыла Ахада Владимир Путин ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Президент РФ В. Путин провел совещание по экономическим вопросам - Sputnik Аҧсны
Путин ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аҽазыҟаҵашьа далацәажәоит

Аилатәараҟны ирылацәажәан астадионқәа разырхиара, аинфраструктура ашьақәыргылара, атранспорттә, амедицинатә, аинформациатә еиқәыршәара. Владимир Путин иазгәеиҭеит ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат Урыстәыла азыхианы иҟоуп, гха-ԥхақәак ыҟазаргьы урҭгьы иаарласны рҭыԥ иқәҵахоит ҳәа.

"Иаарласны Урыстәыла имҩаԥысраны иҟоу ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат Урыстәыла азыхианы иҟоуп, гха-ԥхақәак ыҟазаргьы урҭгьы иаарласны рҭыԥ иқәҵахоит. Иҟаҵоу акыр ирацәоуп. Уажәы зегьы еиуршәаны русура амҩаԥгара аҭахоит", — иҳәеит Владимир Путин ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аиҿкааратә хеилак аилатәараҿ.

Урыстәыла иахьаҵанакуа раԥхьатәи ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат мҩаԥысуеит Урыстәыла ақалақьқәа 11 –Москва, Санкт-Петербург, Самара, Саранск, Ростове-на-Дону, Шәача, Казань, Калининград, Волгоград, Новгород, Екатеринбург рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0