Дамаск иаатит асахьаҭыхратә цәыргақәҵа

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото вида на Дамаск с горы Кассион
Архивное фото вида на Дамаск с горы Кассион - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳаамҭазтәи шьамтәылатәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысуеит Шьамтәыла амузеиқәа руак аҿы.

АҞӘА, лаҵара 7— Sputnik. Ҳаамҭазтәи шьамтәылатәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысуеит Шьамтәыла амузеиқәа руак аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Адырраҭараҿы иаҳәоит Шьамтәыла асеиԥш иҟаз ацәыргақәҵақәа лассы-лассы ишымҩаԥыргалоз.

"Ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа ааҳартит. Иара есышықәса амҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп. Аибашьра иахҟьаны акрааҵуан иара мҩаԥаҳамгазижьҭеи. Уажәы уи атрадициа хацҳаркуеит", — иҳәеит Амилаҭтә музеи адиректор Касем аль-Мухаммад.

 Иара иажәақәа рыла ацәыргақәҵа аартра алыршахеит атеррористцәа рганахь ала аминамиоттә хысрақәа анаанкылаха ашьҭахь, Мрагыларатәи гута аҵакыра Шьамтәылатәи ар ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь", — иҳәеит иара.

 "Ателехәаԥшрала ирҳәо аибашьра аҭыӡшәоуп. Ҳцәыргақәҵа иахықәкуп араҟа аԥсҭазаара амҩасра ишаҿу ауаа дырбара, аибашьра мап шацәаҳкуа. Асахьаҭыхыҩгьы иҭыхымҭақәа рыла иҳәоит аибашьра дшазыҟоу атәы" — иҳәеит зусумҭақәа цәыргақәҵоу асахьаҭыхыҩ Бади Джахджа.

 Ҳаамҭазтәи шьамтәылатәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысуеит Шьамтәыла амузеиқәа руак аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ажәабжьқәа зегьы
0