Урыстәылатәи адипломатцәа Қарҭ "Георгиевская ленточка" аныҟәгара азин рымхын

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкция "Георгиевская ленточка" в городах России
Акция Георгиевская ленточка в городах России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Георгиевская ленточка" шьаҭаркын 2005 шықәса рзы аҭоурых агәаларшәара ашьанақәа ируакны амаҵзура РИА Новости аҩныҵҟа.

АҞӘА, лаҵара 10— Sputnik. Қырҭтәыла иҟоу Урыстәыла аинтересқәа рзы Асекциа аусзуҩцәа Қарҭ Аиааира амш иазкны имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа рахь инармышьҭит урҭ ркьаҿқәа идыркыз алентақәа амрымхыкәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аполициа аусзуҩцәа аныҳәа ахьымҩаԥыргоз аҭыԥ ахь адипломатцәа нарышьҭуамызт.

Уахь инармышьҭит иара убасгьы аоппозициатә политикатә мчрақәа рхаҭарнакцәагьы. Иҟан азинхьчаратә органқәа рахь ааԥхьара ҟазҵоз "Ԥсра зқәым архәҭа" алахәылацәа ықәырцарц азы.

2011 шықәса раахыс Қырҭтәыла аус ауеит "Хартия свободы", акоммунисттә символика азин ҟазымҵо.

2016 шықәса раахыс адунеи еиуеиԥшым ахәҭақәа рҟны имҩаԥыргоит акциа "Георгиевская ленточка".

Ажәабжьқәа зегьы
0