Шьамтәыла Ахада атәыла аиҭашьақәыргылара атәы далацәажәеит

© AFP 2023 / JOSEPH EID Президент Сирии Башар Асад
Президент Сирии Башар Асад - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асад иазгәеиҭеит Шьамтәыла аиҭашьақәыргылараз иаҭахны иҟаҵәҟьо аԥара ахышәа-ҵышәа аҳәара шыуадаҩу, избанзар макьанагьы раионқәак атеррористцәа рнапаҿы иҟоуп.

АҞӘА, лаҵара 10— Sputnik. Шьамтәыла Ахада Башар Асад аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла аиҭашьақәыргыларазы 400 миллиард доллар рҟынӡа аԥара аҭахуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ианеиҵаха 200 миллиард доллар аҭахуп. Иҟоуп 400 миллиард аҭахуп ҳәа зҳәогьы. Аиҭашьақәыргылараз иаҭахны иҟаҵәҟьо аԥара ахышәа-ҵышәа аҳәара уадаҩуп, избанзар макьанагьы раионқәак атеррористцәа рнапаҿы иҟоуп", — иҳәеит Асад Бырзентәылатәи АИХ аинтервиу аҭо.

Шьамтәыла арра-политикатә еимак хацыркын 2011 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0