Урыстәылатәи ПВО аԥырҩы дызҭам аҳаирплан карыжьит Шьамтәыла

© Sputnik / Дмитрий Виноградов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоссийская боевая авиация на авиабазе "Хмеймим" в Сирии
Российская боевая авиация на авиабазе Хмеймим в Сирии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи ПВО аԥырҩы дызҭам аҳаирплан карыжьит Шьамтәыла.

АҞӘА, лаҵара 22— Sputnik. Урыстәылатәи ПВО асистема Хмеимим аԥырҩы дызҭам аҳаирплан карыжьит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, авиабаза ахаҭарнак иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Лаҵара 21 рзы Урыстәылатәи ПВО асистема Хмеимим аԥырҩы дызҭам аҳаирплан карыжьит", — иҳәеит авиабаза ахаҭарнак.

Авиабаза аплантә режим ала аус ауеит.

Шьамтәыла бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара цоит 2011 шықәса хәажәкырамза аахыс. ООН адыррақәа рыла убри аахыс иҭахахьеит 220 нызқьҩыуаак ауааԥсыра.

Цәыббра 30 2015 шықәса рзы Шьамтәыла Ахада Башар Асад иҟаиҵаз аҳәарала Урыстәыла атеррористцәа рбазақәа аҳауаҟынтә аахақәа рырҭо иалагеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0