Америкаа Аҩадатәи Кореиа аганахь ала асанкциақәа ааныркылоит

© AFP 2023 / ZACH GIBSONЗдание Белого Дома в Вашингтоне
Здание Белого Дома в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩадатәи Кореиа аганахь ала Америка иазыԥхьагәанаҭоз асанкциақәа ирылагалахар алшоит урыстәылатәи аилахәырақәагьы.

АҞӘА, лаҵара 29— Sputnik. Америка иаднакылеит аӡбра аамҭала Аҩадатәи Кореиа аганахь ала асанкциақәа раанкылара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ Wall Street Journal адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Аҩадатәи Кореиа аиадертә ԥышәара иазыхиоуп - Sputnik Аҧсны
Аҩадатәи Кореиа аиадертә ԥышәара иазыхиоуп

Асанкциақәа ралагалара азыԥхьагәаҭан ҩ-ганктәи асаммит аҟны аиҿцәажәарақәа ахьымҩаԥымгахаз аҭакси иара убасгьы Аҩадатәи Кореиаҟа атәымҳәынҭқарратә мазарақәа рыркьаҿа ахықәкы рымани.

Америка Афинансқәа рминистрра асиа еиқәаҵәа иаҵанакраны иҟан 30 фирма, арахь иаҵанакыр алшон Урыстәылеи Китаии реилахәырақәагьы.

Асиақәа рыдыркылараны иҟан аҩашаҽны.

Аха ЕАШ аделегациеи Пхениан ахаҭарнакцәеи еиԥылеит Пханмунджон, иагьалацәажәеит асаммит аус адуларақәа ишрыцҵахо азы.

Аганқәа ирҳәеит ишақәшаҳаҭу иарбанызаалак аформат ала аиԥылара амҩаԥгара иҟоу аҭагылазаашьа аибарххара аҭышәныртәаларазы. Абри ашьҭахь аганқәа аганқәа аиҿцәажәаратә процесс иазыхынҳәит.

Ажәабжьқәа зегьы
0