Урыстәыла Беларуссиатәи ахш аалыҵ ԥнакуеит

© Sputnik / Варвара Гертье / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМолочная продукция
Молочная продукция - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабранмза анҵәамҭазы Россельхознадзор иазгәанаҭеит беларуссиатәи ахш-аалыҵ атәылахь алагалара аԥкра, иара ахаҭабзиара апроблемақәа ахьцәырнаго инамаданы. Аха аамҭақәак рышьҭахь уи аԥкра аҿҳәара иахдырԥеит.

АҞӘА, рашәара 5 — Sputnik. Россельхознадзор рашәара 6 инаркны Беларуссиатәи ахш-аалыҵ атәылахь алагалара ԥнакуеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аусбарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Иулиа Мелано лажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Асеиԥш аӡбра рыдыркылеит избанзар аалыҵ ахаҭабзиара акыр илаҟәуп, аҭагылазаашьа ԥсаххом аҭыԥ иқәырҵаанӡа — лҳәеит лара.

Аԥкра иаҵанакуеит ахш, ахҷаҭ, ахш-жәы, ахш-хыз.

Москвеи Мински акыршықәса ҵуеит ақыҭанхамҩатә аалыҵ аганахь ала аимак рымоижьҭеи.  Жәабранмза анҵәамҭазы Россельхознадзор иазгәанаҭеит беларуссиатәи ахш-аалыҵ атәылахь алагалара аԥкра, иара ахаҭабзиара апроблемақәа ахьцәырнаго инамаданы. Аха аамҭақәак рышьҭахь уи аԥкра аҿҳәара иахдырԥеит.

Мшаԥымзазы Беларуссиа апрезидент Александр Лукашенко абизнесуаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Урыстәылаҟа ахш-аалыҵ анашьҭра апроблема ӡбамхар аҽа ҭыԥқәак рыԥшаара азҵаара аус адыруларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0