Аусецураз Шанхаитәи аиҿкаара атәылақәа Циндаутәи адекларациа рнапы аҵарҩит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин на саммите ШОС в Китае. День второй
Президент РФ В. Путин на саммите ШОС в Китае. День второй - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Китаи имҩаԥысит аусеицураз Шанхаитәи аиҿкаара иалахәу атәылақәа рхадацәа реиԥылара.

АҞӘА, рашәара 11 — Sputnik. Китаи имҩаԥысит аусеицураз Шанхаитәи аиҿкаара иалахәу атәылақәа рхадацәа реиԥылара. Асаммит ахыркәшамҭаз АША (ШОС) атәылақәа Циндаутәи адекларациа рнапы аҵарҩит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Адокумент рнапы аҵарҩит Урыстәыла, Китаи, Ҟазахстан, Киргизиа, Таџьыкистан, Узбекистан, Индиа, Пакистан рхадацәа.

Адекларациа 17 документ рыла ишьақәгылоуп. Арахь иаҵанакуеит атерроризм, анаркотикқәа, аепидемиақәа уҳәа ирҿагыланы ақәԥаразы аусеицура.

Уи адагьы аицҳәамҭаҿы ишьҭыхуп Шьамтәыла, Иран, Украина, Кореиатәи адгьылбжьаха рҿы аҭагылазаашьақәа.

Аганқәа аҽазныкгьы ишьақәдырӷәӷәеит Шьамтәыла аполитикатә процесс ҿагылара шамам.

Флаг США на фоне эмблемы Китая - Sputnik Аҧсны
Китаи Америка ахәаахәҭратә хыдҵақәа нанагӡом ҳәа иашьоит

Аусеицураз Шанхаитәи аиҿкаара аԥхьагылаҩцәа иазгәарҭеит ирантәи аиадертә программа аганахь ала аусура аплан амҩаԥгараан ишахымԥатәу аилаӡара апрограмма, ирҳәеит украинатәи акризис аҭыԥ ишықәҵатәу Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Аганқәа иара убасгьы иазгәарҭеит КНДР-и Америкеи реинырреи уи аиҿцәажәаратә процесс ишацхраауеи.

Адокумент аҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылон атәылақәа рыбжьара аекономикатә усеицура.

Китаитәи ақалақь Циндао рашәара 9-10 рзы имҩаԥысит аусеицураз Шанхаитәи аиҿкаара иалахәу атәылақәа рхадацәа реиԥылара.

Аиҿкаара аԥҵан рашәара 15, 2001 шықәса рзы, Шанхаи. Иахьазы иара иалахәылоуп: Урыстәыла, Китаи, Индиа, Пакистан, Ҟазахстан, Киргизиа, Таджикистан, Узбекистан. Афганистан, Белоруссиа, Иран, Монголиа наԥшыҩцәак рыҳасаб ала иалахәылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0