Путин ачемпионат иалахәхо атәылақәа рхадацәа дырԥылоит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с канцлером ФРГ А. Меркель
Президент РФ В. Путин встретился с канцлером ФРГ А. Меркель - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат мҩаԥысуеит рашәара 14 инаркны ԥхынгәы 15 рҟынӡа.

АҞӘА, рашәара 14 — Sputnik. Урыстәыла Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Владимир Путин аԥшьашаҽны дызԥылараны дыҟоу ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Путин диԥылараны дыҟоуп Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба. Иара убасгьы диԥылараны дыҟоуп Азербаиџьан Ахада Ильхам Алиев, Ермантәыла Ахада – Никол Пашиниан, Белоруссиа Ахада – Александр Лукашенко, Боливиа Ахада – Ево Моралес, Ҟазахстан Ахада – Нурсултан Назарбаев, Киргизиа Ахада – Сооронб Женбеков.

Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аартра иалахәхоит Ливан Ахада Саад Харири, Молдова Ахада Игорь Додон, Панама Ахада Хуан Карлос Варела, Парагваи Ахада Марио Абдо Бенитес, Руанда Ахада Поль Кагаме, Саудтәи Аравиа апринц Сальман Аль Сауд, Таджикистан Ахада Емомали Рахмон, Узбекистан Ахада Шавкат Мирзиеев, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилов.

Урҭи Путини еиқәшәараны иҟоуп ачемпионат аартраан, ФИФА анапхгаҩы Джанни Инфантино иалархәрала иҳәеит Песков.

Ажәабжьқәа зегьы
0