Урыстәыла ахәыԥсацҵазы ашәахтә шьҭыххоит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДенежные купюры
Денежные купюры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абри азы азакәан апрект иахәаԥшит Урыстәыла аиҳабыра реилатәараҿы аԥшьаша, рашәара 14 рзы.

АҞӘА, рашәара 14 — Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра рхада Дмитри Медведев аҳәамҭа ҟаиҵеит аминистрцәа Реилазаара НДС 20% ашьҭыхра агәы ишҭоу ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Уажәазы НДС азыԥҵәа 18% ыҟоуп. Иазыԥхьагәаҭоуп 20% рҟынӡа ахагалара", — иҳәеит Медведев.

Иара иазгәеиҭеит асоциалтә ҟазшьа змоу атауарқәеи амаҵзурақәеи рзы ахәԥсацҵазы ашәахтә иамоу аԥыжәарақәа шыҟоу ишаанхо.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Антон Силуанов иажәақәа рыла НДС 20% ахь ахагалара ахашәала иартәоит 600 миллиард мааҭ, урҭ аԥарақәа атәыла аҿиара астратегиатә хықәкқәеи амилаҭтә хықәкқәеи рзы аԥаразоужьра иазырхахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0