Урыстәылатәи атәанчахәқәа ирыцлоит 2019 шықәса рзы

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыплата пенсий
Выплата пенсий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса рзы аус зымуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы иацлоит бжьаратәла зықьмааҭ рҟынӡа.

АҞӘА, рашәара 25— Sputnik. Урыстәыла аџьеи асоциалтә хьчареи рминистр Максим Топилин еиҭеиҳәеит 2019 шықәса рзы аус зымуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы иацлоит бжьаратәла зықьмааҭ рҟынӡа ҳәа. Абжьаратә тәанчахәы иартәараны иҟоуп 15,4 нызқь мааҭ ҳәа аанацҳауеит РИА Новоти.

Топилин иажәақәа рыла аус зымуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы иацырҵараны иҟоу зқьы-зықь мааҭ.

"Ари ибжьаратәу тәанчахәуп", — ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Топилин иара убасгьы иҳәеит атәанчахәытә шықәс аҳаракрада атәанчахәқәа рыцҵаразы алшарақәа шыҟам.

Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла аҳәса тәанчара ицоит 55 шықәса рзы, ахацәа – 60 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0