Владимир Путини Дональд Трампи Шьамтәыла ар ралгара иалацәажәар ҟалоит

© REUTERS/Jorge SilvaВладимир Путин и Дональд Трамп на саммте АТЭС во Вьетнаме
Владимир Путин и Дональд Трамп на саммте АТЭС во Вьетнаме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Путини Дональд Трампи еиԥылараны иҟоуп Хельсинки, ԥхынгәы 16 рзы.

АҞӘА, рашәара 29— Sputnik. Ишазыԥхьагәаҭо ала Владимир Путини Дональд Трампи Шьамтәыла ар ралгара иалацәажәар ҟалоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости CCN адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

CNN адипломатиатә хыҵхырҭақәа рдыррақәа рыла, Трамп Аҩны шкәакәаҿы Иорданиа акрал Абдалла II даниԥылоз иҳәеит ЕАШ Шьамтәыла ар алнагар ҟалоит ҳәа.

Трамп иплан инақәыршәаны Шьамтәыла анапхгара иорданиатәи аҳәаа иаԥну аҵакыра хылаԥшра арҭалар ҟалоит, уи ацынхәрас Урыстәыла ахәдықәҵара иазыԥшуп урҭ аҭыԥқәа рҿы иҟоу, арежим иаҿагылоу амчрақәа кьыс рмоурц азы.

Иран Шьамтәыла алгара Трамп изы ихадоу усуп уажәазы ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Хельсинки реиԥылараан атәылақәа рыҩба рхадацәа алацәажәараны иҟоуп Урыстәылеи Америкеи ԥхьаҟатәи реизыҟазаашьа аҿиареи егьырҭ жәларбжьаратәи азҵаарақәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0