Евроеидгыла Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ирыцнаҵоит

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСаммит ЕС в Брюсселе
Саммит ЕС в Брюсселе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 28-29 рзы Бриуссель имҩаԥысуаз Евроеидгыла асаммит аҿы ирыдкылан аӡбра Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ирыцҵазарц азы.

АҞӘА, ԥхынгәы 6— Sputnik. Рашәара 28-29 рзы Бриуссель имҩаԥысуаз Евроеидгыла асаммит аҿы ирыдкылан аӡбра Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа 2019 шықәса ажьырныҳәа 31 рҟынӡа ирыцҵазарц азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Асеиԥш аӡбра рыдыркылеит Франциа апрезидент Еммануель Макрони ФРГ аканцлер Ангела Меркели Европатәи Ахеилак аҿы (рашәара 28-29 2018ш.) азы минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡашьазы иҟарҵаз ажәахәқәа рышьҭахь", — ҳәа аҳәоит Ахеилак адырраҭараҿы.

Урыстәылеи Мраҭашәаратәи атәылақәеи реизыҟазаашьақәа уадаҩхеит Ҟрыми Украинеи рҟны ахҭысқәа инарыдҳәаланы. Мраҭашәара Урыстәыла аекономикатә санкциақәа адҟанаҵалеит, уи аҭакс Урыстәылагьы иахәҭаны иабоз ашьаҿақәа ҟанаҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0