Трамп далацәажәеит Путини иареи реиԥылара мҩаԥысып ҳәа ишибо

© REUTERS / Joshua RobertsDonald Trump
Donald Trump - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ахада Владимир Путини Америка Ахада Дональд Трампи Хельсинки ақалақь аҟны еиԥылараны иҟоуп ԥхынгәы 16 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 — Sputnik. Америка Ахада Дональд Трамп, Владимир Путини иареи Хельсинки реиԥылара атәы далацәажәо иҳәеит зегь бзиахоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Путини сареи иаарласны ҳаиқәшәараны ҳаҟоуп. Ҳара иахәҭоу зегь иашаны иҟаҳҵоит. Здырра ҳаракым ауаа ишԥарауҳәари Урыстәыла, Китаи уҳәа реиԥш иҟоу атәылақәеи ҳареи ҳаимабзиара акраҵанакуеит ҳәа", — иҳәеит иара Монтане иқәгылараан.

Урыстәыла Ахада Владимир Путини Америка Ахада Дональд Трампи Хельсинки ақалақь аҟны еиԥылараны иҟоуп ԥхынгәы 16 рзы.

Дара алацәажәараны иҟоуп атәылақәа рыҩба ԥхьаҟатәи реизыҟазаашьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0