Иапониа аӡхыҵрақәа ирхырҟьаны иҭахахьеит 130-ҩык ауааԥсыра

© REUTERS / Issei KatoРазрушенные дома в затопленном районе в Курасики, Япония, 8 июля 2018 года
Разрушенные дома в затопленном районе в Курасики, Япония, 8 июля 2018 года - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иапониа аиҳабыра рмаӡаныҟәгаҩ хада Есихиде Суга иажәақәа рыла жәаҩык хабарда ибжьаӡит, 78-ҩык ахьыҟоу макьаназ ишьақәыргылам.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik. Иапониа аӡхыҵрақәа ирхырҟьаны иҭахахьеит 130-ҩык ауааԥсыра, жәаҩык хабарда ибжьаӡит, 78-ҩык ахьыҟоу макьаназ ишьақәыргылам.абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Иапониа аиҳабыра рмаӡаныҟәгаҩ хада Есихиде Суга иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Есихиде Суга ишиҳәо ала официалла жәаҩык хабарда ибжьаӡит. Иаанхаз 78-ҩык ахьыҟоу аҭыԥ шьақәыргылам. Аԥхасҭа зауз араионқәа цхыраарак аҳасаб ала ирзоужьуп 2 миллиард иен (15,4 миллион евро).

Аӡхыҵрақәа рыхҟьеит ааигәа атәыла агәаҿы инеиз ақәаршыҩқәа. Аӡы рыҵалеит ақыҭақәеи ақалақьқәеи.

1,8 нызқьҩык рҟынӡа рынхарҭа ҭыԥқәа ирхыгоуп, 20 000 ҩны фымцалашарада иаанхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0