Ажәбатәи ахәыҷы Таиландтәи аҳаԥы дхәыҵгоуп

© AP Photo Sakchai LalitТайские военнослужащие устанавливают трубы во время операции по спасению детей их пещеры
Тайские военнослужащие устанавливают трубы во время операции по спасению детей их пещеры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәа аҳаԥы рҭыгаразы аоперациа еиҭалагеит иахьа ашьыжь, асааҭ 10:08 рзы. Аҳаԥаҿы усҟантәи аамҭазы инханы иҟан ԥшьҩык ақәыԥшцәеи урҭ разыҟаҵаҩи.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik. Таиланд ихацыркхеит аӡы зҭалаз аҳаԥы аҟынтәи ахәыҷқәа реиқәырхара аоперациа ахԥатәи аетап. Уажәазы аҳаԥы дҭыгоуп ажәбатәи ахәыҷы. Абри атәы аиқәырхаратә операциа апресс-центр аҿы имҩаԥысуаз абрифинг аҿы иҳәеит аоперациа аштаб хада аиҳабы Наронгсак Осоттханакон.

Аҳаԥы иара убасгьы иҭыгатәуп ахәыҷқәа рыԥшааижьҭеи дара ирыцҟоу ԥшьҩык аррамаҵзурауаа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Спасатели с водопроводной трубой в время спасательной операции у пещеры в Таиланде - Sputnik Аҧсны
Ԥшьҩык ашколхәыҷқәа Тхам Луанг аҳаԥы иҭыгоуп

Хыхьихаргалаз ахәыҷы ацхыраара-ласы ала ахәыштәырҭахь днагоуп.

Арыцҳара ҟалеит рашәара 23 рзы. Аҳаԥы Тхам Луанг иҭалаз ахәыҷқәеи разыҟаҵаҩи иаалырҟьан аӡы ахьышьҭыҵыз иахҟьаны аҳаԥы ихәыҵахеит. Дара рыԥшааит жәамш рышьҭахь. Ахәыҷқәа рыԥсы ҭоуп аха рымчқәа маҷуп.

Аҳаԥы иҭыргахьоу ахәыҷқәа ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп.

Аҳаԥаҿы иҷаԥшьо аҳақьымцәа ишырҳәо ала ахәыҷқәа ргәы каҳаны иҟам, урҭ рыҩныҟақәа рахь ишыгьыжьуа агәра ргоит.

Аҳаԥы Тхам Луанг аҿаԥхьа игылоуп 13 цхыраара-ласы.

Ажәабжьқәа зегьы
0